Саломе Зурабишвили Џьо Баидени Камила Харриси Америка ахадеи авице-ахадеи рҭыҧқәа раанкылара рыдылныҳәалеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Џьо Баидени Камила Харриси Америка ахадеи авице-ахадеи рҭыҧқәа ранкылара рыдылныҳәалеит.
«Аҭоурыхи агәыҕреи рымш». Америка ахадеи авице-ахадеи аҭыҧқәа раанкылара шәыдысныҳәалоит Бриссель аҟынтә. Абраҟа ақырҭуа-евроатлантикатә еизыҟазаашьақәа срылацәажәоит.
Иахьа адунеи идуӡӡоу адемократиа анапхгара аҭара шәнапы иануп», — илҩит Саломе Зурабишвили Twitter аҿы.