«Ихьанҭаӡоу амшқәеи аҵхқәеи ҳарҭагылеит: Гуриа иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан иҭахаз ахәыҷқәа, насгьы, уажәы даҽа рыцҳарак, ажәала иузеиҭамҳәуа рыцҳароуп! Аҭаацәеи, ауацәеи, ақырҭуа жәлари срыдашшылоит. Архиваҿ иҟалаз абылра ахьаа ду ҳнаҭеит, ҳазхысыз аҭоурых ақәыӡӡаара ашәарҭара», — илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоциалтә аҳаҿы.
«Убри аамҭаз, раҧхьа иргыланы, цқьа ҳазхәыцроуп абарҭ атрагедиатә хҭысқәа зегьы машәырла иҟалоу, мамзаргьы, ҳхымҩаҧгашьеи, ҳахиамзаареи, ҳтәылеи ҳуааҧсыра рахь арымарыдареи иахылҵу… Ҳара абжьааҧнеиҧш инаҳагӡоит — агәаҕкра, аицәымҕра, аибамчҳара!», — илҩит Саломе Зурабишвили.