Саломе Зурабишвили Иунеско аҿы данықәгылаз, кавказтәи абызшәақәа рымш аԥҵара аԥшьгарала дықәгылеит
Қыҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Франциатәи ареспубликаҿ аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаныдалахәын Иунеско 75-тәи аиубилеи инамаданы имҩаԥысыз афорум. Афорум аҿы данықәглаз Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, аимакқәа раан аԥхасҭа аиуеит акультуратә ҭынхара.
Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, Қырҭтәыла ари ааԥхьара аҿаԥхьа игылоуп.
“Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны атерриториеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы абжьарашәышықәсақәа раантәи аныхабаақәа рацәаны, акафедрали, аберҭыԥқәеи ашәарҭа иҭагылоуп. Ари хықәкы заҵәык амоуп – ҳтерриториаҿ Қырҭтәыла ашьҭа аныхра. Уажәы ақырҭуа бызшәеи ақырҭуа бызшәала аҵара аиура зин ыҟам, ақырҭуа бызшәара аҵара ахьырҵо школкгьы иаанымхеит. Иахьа аԥсуа бызшәагьы ашәарҭа ду иҭагылоуп, еилагоуп акультуратә зинқәеи арепрессиақәа зхызга ауаа рзинқәеи,” – илҳәеит Зурабишвили.
“Кавказтәи абызшәақәа рҭаацәара сазааҭгылар сҭахуп. Ари Евразиатәи аконтитетн аҿы зегь реиҳа ихәыҷы ҭаацәароуп, аха уи ауаа рацәаӡаны иалоуп. Аԥсуа бызшәа арҭ абызшәақәа иреиуоуп. Кавказтәи абызшәақәа, ақырҭуа бызшәа ада, абжьаӡара ашәарҭа аҿаԥхьа иҟоуп.
Аԥшьгарала сықәгылоит, кавказтәи абызшәақәа жәларбжьаратә рымш аԥҵара аӡбара адкылара иазкны,” – илҳәеит Қырҭтәыла ахада.