Саломе Зурабишвили Италиа асенати адепутатцәа рпалатеи рхантәаҩцәа дырԥылеит
Рим аҳәынҭқарратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс адгылара азҵаарақәа ирыхәаԥшит иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Италиатәи Ареспублика асенатахантәаҩы Мариа Елизавета Альберта Казелатии адепутатцәа рпалата ахантәаҩы Роберто Фикои.
Италиатәи Ареспублика апарламенти Қырҭтәыла апарламенти реиҩызаратә гәыԥ алахәыла, адепутат Беқа Одишариа иҟаиҵаз аҳәамҭала, Италиа авизит аан Қырҭтәыла ахада атрибуна ҳарак аҟынтә шьақәлырӷәӷәеит Қырҭтәыла ауааԥсыра 80-%-и Қырҭтәыла анапхгареи Европатәи аҭаацәарахь ахынҳәра шырҭаху.
Беқа Одишариа ишазгәеиҭаз ала, адепутатцәа рпалата ахантәаҩы Роберто Фико Қырҭтәылеи Италиеи рпарламентқәа ирыбжьоу аиҩызара аҩаӡара ҿыц ахь шииасыз иазгәеиҭан, иҵаулоу апротокол анапаҵаҩра аԥшьгара ала дықәгылеит.