Саломе Зурабишвили - Импыҵахалоу Аԥсны иқәынхо ҳуааҧсырагьы адгылара рзаасырҧшыр сҭахуп, даргьы апандемиеи абылреи амшала ҧырхага ду роуит
Импыҵахалоу Аԥсны иқәынхо ҳуааҧсырагьы адгылара рзаасырҧшыр сҭахуп, даргьы апандемиеи абылреи амшала ҧырхага ду роуит, – Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла арегионқәа рҿы, импыҵахалоу Аԥсни уахь иналаҵаны, аҭыԥ змоу амцакра иадҳәаланы аҳәамҭа ҟалҵеит.
“Апандемиа амшала ауадаҩра дуқәа зхызго ауааҧсыра уажәы абылра аҿагыларагьы рықәшәеит, уи даараӡа ихьанҭоуп. Қырҭтәыла еиуеиҧшым арегионқәа ирықәынхо ҳтәылауаа зегьы срыдашшылоит.
Еилых ҟамҵакәа, импыҵахалоу Аҧсны иқәынхо ҳуааҧсырагьы адгылара рзаасырҧшыр сҭахуп, даргьы апандемиеи абылреи амшала ҧырхага ду роуит.
Ижәдыруазар сҭахуп, сара сшәыдгылоуп, иахьа, иуадаҩӡоу аҭагылазаашьа шәхыжәгарц азыҳәан иаашәырҧшуа ачҳара ахә ҳаракны исшьоит,” – иануп Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы.