Саломе Зурабишвили - Импыҵахалоу Аԥсни Цхинвалии аурысцәа арратә базақәаны рхы иадырхәоит, Урыстәыла хыдҵакгьы нанамгӡеит, арҭ арегионқәа рԥеиԥш, Қырҭтәыла зегь еиԥш, Европаҿ ауп
Импыҵахалоу Аԥсни Цхинвалии аурысцәа арратә базақәаны рхы иадырхәоит, Урыстәыла хыдҵакгьы нанамгӡеит, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада CNN аинтервиу аҿы.
“Сара, аконституциала аԥсуа бызшәа зыхьчо чинуаҩ заҵәык соуп, азакәан инақәыршәаны ари абызшәа Аԥснытәи арегион абызшәоуп. Урыстәыла аҟынтә акультуратәи аекономикатәи хақәиҭра ихьчам. Сгәаанагарала, импыҵахалоу арегионқәа рԥеиԥш, Қырҭтәыла зегь еиԥш, Европаҿ ауп,” – илҳәеит Саломе Зурабишвили.
CNN ажурналист Евроеидгылеи Натои ралалареи, ари амзызла Путин Қырҭтәыла даҽазнык “иҭаареи” иазкны ахада илзықәиргылаз азҵаара иаҭакны, Саломе Зурабишвили илҳәеит: “Ҳара Евроеидгыла алаларазы аҳәара мацара ҟаҳамҵаӡацт, ари ахықәкы ҳконституциаҿгьы иануп. 2008 шықәсазы иҟаз Қырҭтәыла-Урыстәыла аибашьра хықәкыс аман европатәи акурс мап ацәкра, аха аибашьра ашьҭахь ари акурс ӷәӷәахеит. Авизалиберализациа, зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра, ассоциирра иазку аиқәшаҳаҭра. Ари иҵегьы нагӡахоит. Европатәи аперспектива Қырҭтәылеи, Украинеи, Урыстәыла агәылацәа зегьы рзы мҩа заҵәык ауп. Урыстәылаҿ ари ибзианы еилыркаауам”.