Саломе Зурабишвили Илиа аҩбатәи 90 шықәсатәи аиубилеи идылныҳәалеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи 90 шықәсатәи аиубилеи идылныҳәалеит.
«Шәыԥшьаҳаракыра, Қырҭтәыла атәылауаҩ цыԥхьаӡеи ихьӡ ала ишәыдысныҳәалоит 90 шықәсатәи шәиубилеи. Қырҭтәыла аиашахаҵаратә ныха иҵегьы кыршықәса шәахагыларц ишәзеиӷьасшьоит», – иануп адныҳәаларатә цҳамҭаҟны.