Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭала, иаалыԥхьар Украина ацара дазыхиоуп
Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭала, иаалыԥхьар Украина ацара дазыхиоуп

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭала, иаалыԥхьар Украина ацара дазыхиоуп.

Ари аҳәамҭа Саломе Зурабишвили украинатәи акьыԥхь “Украинская парвда” аинтервиу аан ҟалҵеит.

Аибашьра ианалага Украина шәзымнеи ҳәа ажурналист изҵааразы Қырҭтәыла ахада абри аҭак ҟалҵеит:

„Еснагь сахиан, аиахьагьы сыхиоуп. Уаҵәы шәысҭаар сылшоит”, – илҳәеит Зурабишвили

Ажурналист длазҵааит “Зеленски иҟынтә ааԥхьара ахьшәымам ари амзыз иазкәзеи ҳәа”. Ари азы Қырҭтәыла ахада илҳәеит: “Сгәы шаанаго ари аиҳабырақәа ирыбжьоу имариам аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоуп. Аҭаара алшара Ҟрымтәи аплатформа аҳәаақәа ирҭагӡаны соуеит ҳәа сгәыӷу́еит”, – илҳәеит  – Саломе Зурабишвили.