Саломе Зурабишвили – Иахьа, ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, абри арыцҳара ҳхаагароуп
Саломе Зурабишвили – Иахьа, ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, абри арыцҳара ҳхаагароуп

«Иахеи иахьеи иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит. Аҭахаз ауаа руацәа срыдашшылар сҭахуп,  иӡыз ауаа рыҧсы ҭаны ирбап ҳәа агәыҕра змоу ауаа срыдгыланы, саргьы  Анцәа сиҳәоит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

Зурабишвили лҳәамаҭала, атәыла зегьы арыцҳара ду иҭагылоуп, ари арыцҳара ҳтәылауаа зегьы ирзеиҧшуп.

«Арыцҳара ҳанақәшәалак ҳшеидгылаша аадыруеит, иахьагьы арҭ ауаа ари арыцҳара ахгараҿы ҳрыцхраарц азыҳәан ҳаидгылазароуп. Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ иҟаз ауаа реиқәырхаразы ирылшо зегьы ҟазҵо  ҳаиқәырхаҩцәеи ҳуааҧсыреи  ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп садминистрациеи хаҭала сареи аҭыҧантәи анапхгареи, аиҳабыреи, ари апроцесс иалахәы аусбарҭақәеи ҳашрыдгыло.  Иахьа, ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, абри арыцҳара ҳхаагароуп. Иара убас,   иазгәасҭар сҭахуп сареи садминистрациеи цхыраарак ҟаҳҵар ахьҳалшо аусқәа зегьы ҳашрылахәызаауа.  Иааиуа амшқәа рзы цқьа еилкаахоит ари арыцҳара ахгараҿы цхыраарас иҟаҳҵар иҳалшо», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.