Саломе Зурабишвили – Иахьа аныҳәа дууп, абра ауаа реидгылара сеигәырҕьоит, зехьынџьара ажәлар ргәазыҳәара еилыркааит, ажәлар рыбжьы раҳаит, абри ауп ихадоу
«Иахьа аныҳәа дууп, зехьынџьара ажәлар ргәазыҳәара еилыркааит, ажәлар рыбжьы раҳаит, абри ауп ихадоу», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Ахақәиҭра ашҭаҿы ажурналистцәа данрацәажәоз, уаҟа имҩаҧысуеит Қырҭтәыла акандидат астатус аҭара иазку агәырҕьаратә уснагӡатә.
«Ишәыдысныҳәалоит. Иахьа абрахь сааит ақырҭуа цыҧхьаӡа иеиҧш, саргьы ари ахҭыс сахьақәгәырҕьо аҟынтә, избанзар, ҳара шьаҿак ала, Европа иаҳа ҳазааигәахеит. Иахьа абра сыҟазаарала ақырҭуа жәлар ирзаасырҧшыр сҭахуп ҳазынтәгьы ҳахьеидгылаша зҵаарак шыҟоу – уи европатәи ҳҧеиҧш ауп. Ҳара ҳхылҵи игыло абиҧарақәеи рҿаҧхьа аҭакҧхықәра ду ҳхы адаҳҵеит. Ари аӡбара Европа ахырхарҭала иҟаҵоу зҵакы дуу даҽа шьаҿак ауп. Ишәыдысныҳәалоит. Қырҭәтыла ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалоит, дара рполитикатә хәыҧшырақәа рыла еилых рымҭақәа, арегионқәа ирықәынхо ҳуааҧсыра ирыдысныҳәалоит, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ирықәынхо ҳтәылауаа ирыдысныҳәалоит, даргьы иахьатәи амш иақәгәырҕьоит. Иахьа аныҳәа дууп, абра ауаа реидгылара сеигәырҕьоит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.