Саломе Зурабишвили – Иаку ақырҭуа ар аполитика ацым, атәылеи ажәлари ирызгәыкуп
Иаку ақырҭуа ар аполитика ацым, атәылеи ажәлари ирызгәыкуп. Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы абри аныҳәа рыдысныҳәалоит. Зхы иамеигӡакәа жәларбжьаратәи амиссиақәа ирылахәы ауааҧсыра зегьы рыдысныҳәалоит, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Атәылахьчаратә мчқәа 30 шықәса рхыҵра инамаданы.
Атәыла ахада ақырҭуа аруаа инарыгӡо амаҵзуразы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.
«Иахьа ҳара ақырҭуа ар 30 шықәса ахыҵра иазгәаҳҭоит, аха, ҳара ибзиаҵәҟьаны иаадыруеит ақырҭуа ар 30 шықәса акәымкәа, ашәышықәсақәа шахыҵуа, иахьа ҳарбџьармчқәа Қырҭтәыла изхысыз аибашьрақәа зегьы ирышьҭрамҭоуп. Иахьа ҳара кыршықәса рыҩнуҵҟа жәларбжьаратәи амиссиақәа ирылахәы, аглобалтә ҭынчреи ашәарҭадареи иазықәҧо, иҳаракӡоу астандартқәа ирышьашәалоу ар ҳамоуп. Ҳаруаа рзанааҭдырреи рыхиазаареи еснагь ахәшьара ду аиуеит. Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа зегьы ақырҭуа ар агәра ргоит, Қырҭтәыла агәра ргоит. Зыӡбахәы ҳәоу 30 шықәса уадаҩын, абарҭ ашықәсқәа рзы ақырҭуа ар ашьақәгылара иаҿын, амилаҭтә интересқәеи, амилаҭтә аҳаҭыри, атәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, ахақәиҭреи иазықәҧон. Абри ақәҧара мраҭашәаратә, европатәи ҳамҩа иазкын. Ауаа рацәа ҭахеит, ргәабзиара рцәыӡит, рҭаацәарақәа рцәыӡит. Ҳара иҭахаз ауаа зегьы ҳреихырхәоит, ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.