Саломе Зурабишвили – Ҳтәыла хәыҷуп, убри аҟынтә, агибридтә шәарҭарақәа рганахьала иаҳа ашәарҭара ҳҭагылоуп, егьырҭ раасҭар иаҳа жәларбжьаратәи адгылара ҳҭахуп
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Америка ахада иҧшьгарала имҩаҧгаз Адемократиа асаммит аҿы дықәгылеит.
Саломе Зурабишвили Америка ахада Баиден ҭабуп ҳәа иалҳәеит крызҵазкәа асаммит аиҿкааразы.
Лара лажәақәа рыла, зҭыҧ иқәҵам аимакқәеи, арратә аиҿагыларақәеи, аҵакырадгьылтә аимакқәеи, ампыҵахалареи, иҵаау аимакқәеи адемократизациа апроцесс иаҧырхагоуп, жәларбжьаратәи аиҿкаареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи иаҿагылоуп.
Иара убас, ишылҳәаз ала, адемократиатә институтқәа ирҿагыло итрадициатәым аҿыц шәарҭарақәагьы цәырҵит. Адунеи зехьынџьара адемократиа иаҧырхагоуп агибридтә еибашьра аметодқәеи, хықәкылатәи аекономикатә ақәыҕәҕәареи, адцалареи.
Саломе Зурабишвили ишазгәалҭаз ала, COVID-19 апандемиагьы ауаажәларратә гәабзиареи ауаҩҧсы ихақәиҭра ахьчареи рыбжьара абаланс аҧшаара иаҧырхагоуп.
«Абарҭ ашәарҭарақәа Қырҭтәылагьы иҟоуп. Урыстәыла уажәгьы ҳҵакырадгьыл 20% импыҵахаланы иамоуп, уаҟа ауаҩы изинқәеи адемократиеи еилагоуп.
Ҳтәыла хәыҷуп, убри аҟынтә, агибридтә шәарҭарақәа рганахьала иаҳа ашәарҭара ҳҭагылоуп, егьырҭ раасҭа иаҳа жәларбжьаратәи адгылара ҳҭахуп.
Уажәааны ҳтәылаҿы иҟалаз ахҭысқәа лабҿаба иҳдырбеит аполиаризациа ҳдемократиатә институтқәеи апроцессқәеи рзы анырра ду шамоу.
Убри аҟынтә, ҳара ибзианы еилаҳкаауеит абарҭ апроблемақәа рҭыҧ иқәҵаны, 30 шықәса раҧхьа адемократиеи, аҭышәынтәалареи, апрогресси аиқәыршәаразы ауадаҩрақәа рацәа зхызгаз Қырҭтәыла иалнахыз амҩа анагӡара шҳахәҭоу», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.
Қырҭтәыла ахада лажәақәа рыла, Қырҭтәыла абри амҩа қәҿиарала иахысит, НАТО алахәылацәа зегьы зыгәра ргаша рпартниорс иҟалеит, Евроеидгыла ассоциациатә партниоруп.
Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, Қырҭтәыла аиҳабыра, аинклиузивтә процесс ала аӡбаратәи алхратәи реформақәа рымҩаҧгареи, ауаҩытәыҩса изинқәа рзы амилаҭтә стратегиа ҿыц адкылареи, аҳәса рзы амчылара аҿагылара иазку ауснагӡатәқәа рплан аиқәыршәареи, аҳәса рекономикатә зинқәеи рылшарақәеи аизырҳара иазку амилаҭтә концепциа ахиаалареи азы аҭакҧхықәра рхы адырҵеит.
Аха, ҳтәыла иахыҵәаз аполиаризациеи, ацәымҕреи, аиҟәшареи аҧыхразы мҩак ҳзымҧшаар, абарҭ аҧхықәрақәа рынагӡара иазхом.
Қырҭтәыла ахада лҳасабала, сара ажәа шьҭасҵоит ҳаамҭазтәи аҭоурых иаҳа еиҕьны аилкаареи ҧхьаҟацареи амзызла аинклиузивтә процесси, ауаажәларра зегьы рылахәызаарала азеиҧш амилаҭтә диалоги сшалаго.
Патуеиқәҵара ашьаҭала азеиҧш дискуссиа ҳаламгар, иҟалаз ҳзеилымкаар, ҳара-ҳара ҳабжьара аимадара ҳзышьақәҳаргылом, абри аимадароуп ахақәгәыҕреи, аҧеиҧш бзиа шҳамазаауа агәрагареи ҳазҭо.
Уи аконсолидациатә демократианӡа ҳназгаша иреиҕьу мҩоуп, абри амҩа аӡәгьы дзаҿагылом», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.