Саломе Зурабишвили – Ҳпартниорцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит, сара азакәантә мчи аҧхықәрақәеи сымоуп ҳтәыла акандидат астатус анашьаразы сшыҳәарц азы
«Абри атрибунантә, иуадаҩӡоу аамаҭазы, европатәи ҳпартниорцәа рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп, европатәи апринципқәа ирҿагыло абри аимпичмент иамыхәамҧшкәа, Қырҭтәыла аанырмыжьырц, Урыстәыла ари арегионаҿ ахатә анырра арҕәҕәарц алшара аҳамҭароуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
Атәыла ахала лгәаанагарала, Қырҭтәыла акандидат астатус аиуроуп.
«Ҳпартниорцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит, сара — ари атәыла ахада соуп, избанзар ақырҭуа жәлар сырхаҭарнакуп, рҭоурыхтә гәахәтәы сазықәҧоит, убри аҟынтә, ҳтәыла акандидат астатус анашьаразы сшыҳәарц азы азакәантә мчи аҧхықәрақәеи сымоуп. Агәра ганы сыҟоуп астатус анашьаразы аӡбара адкылараан ҳпартниорцәа ақырҭуа жәлар рҭаххареи, иара убас, Қырҭтәылеи Европеи ирзеиҧшу агеополитикатә аҳасабтәқәеи разҧхьагәаҭара шрылшо», — илҳәеит Зурабишвили.