Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Аахыҵ Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер Коломина диҧылеит.
Ҳавиер Коломина даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәии евроатлантикатәии интеграциеи дшадгыло.
Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи НАТО реизыҟазашьақәа рҿы иҟоу адинамика бзиеи, аинституциатәи адемократиатәи реформақәа рҵаки, Қырҭтәыла европатәи аперспективеи, 12 пунктқәа рыла ишьақәгылоу абжьагарақәа рынагӡара апроцесси иалацәажәеит.
Иара убас, арегионаҿ аҭагылазашьа иазҧхьагәаҭаны, Амшын еиқәа ашәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы Қырҭтәыла инанагӡо ароль ҷыда иазааҭгылеит.