Саломе Зурабишвили - Ҳара алшара ҿыцқәеи аҳасабтә ҿыцқәеи раамҭа ҳҭагылоуп, убри аҟынтә, агәҽанызаареи, ахиазаареи, ҧхьаҟа аҧшреи, аҧеиҧш абареи, афырхаҵара аарҧшреи ҳахәҭоуп
«Лаҵара 26 — аиҭаиреи аныҳәа ҷыдеи мацара акәӡам, уи ахәыцреи аилкаареи мшуп! Ари амш азы ҳтәыла ҳазхәыцроуп, ҳтәылеи уи аҧеиҧш аиқәыршәареи, ахьыҧшымреи ахақәиҭреи арҕәҕәареи азы иаҭаху зегьы ҟаҳҵома, абри ҳазхәыцроуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Ахьыҧшымра амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатәқәа аҿы данықәгылоз. Атәыла ахада ишазгәалҭаз ала, лаҵара 26 рзы ақырҭуа жәлар иааҧҵәаны ирыӡбеит зхы иақәиҭу ихьыҧшым атәылаҿы анхара шырҭаху.
«Акыр иаҧсоу атәылауаа! Ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш! Ари амш ҷыдала ирыдысныҳәалоит иахьа арратә ҭоуба шьҭазҵо ҳҿар. Ақырҭуа аруаа ақәҧаралшареи, ахмеигаӡеи, аҭоуба азгәыкреи ала иалкаауп. Иахьа шәара ҳтәыла арратә ҭоурых ду алахәылацәас шәҟалеит, ари атрадициа нашәыгӡоит. Шәара ибзианы еилышәкаауеит атәыла ахьыҧшымреи ахақәиҭреи ахьчара шымариам. Лаҵара 26 рзы ақырҭуа жәлар иааҧҵәаны ирыӡбеит зхы иақәиҭу ихьыҧшым атәылаҿы анхара шырҭаху. Ақырҭуа жәлар даҽа тәылак алахәызаареи атәреи мап ацәыркит.
Лаҵара 26 — аиҭаиреи аныҳәа ҷыдеи мацара акәӡам, уи ахәыцреи аилкаареи мшуп! Ари амш азы ҳтәыла ҳазхәыцроуп, ҳтәылеи уи аҧеиҧш аиқәыршәареи, ахьыҧшымреи ахақәиҭреи арҕәҕәареи азы иаҭаху зегьы ҟаҳҵома, абри ҳазхәыцроуп.
Атәылауа цыҧхьаӡа абри азҵаара дазхәыцроуп. Ҳхылҵ рҧеиҧш ҳнапаҿы иҟоуп. Абри аҭакҧхықәра аӡәгьы дзацәцом, аха, иахьа абри атрибуна иқәгылоу ауааҧсыра иаҳа аҭакҧхықәра ҳадуп. Ҳара алшара ҿыцқәеи аҳасабтә ҿыцқәеи раамҭа ҳҭагылоуп, убри аҟынтә, агәҽанызаареи, ахиазаареи, ҧхьаҟа аҧшреи, аҧеиҧш абареи, афырхаҵара аарҧшреи ҳахәҭоуп. Раҧхьа иргыланы акзаара ауп иаҳҭаху», — илҳәеит атәыла ахада.