Саломе Зурабишвили – Ҳаизыҟазаашьақәа рырҭбаареи Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс арҕәҕәареи амзызла Германтәыла аканцлер Олаф Шольц иҟны аусеицура алагара сахыццакуеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Олаф Шольц Германтәыла аканцлерс иалхра идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьалшьеит.
«Германтәыла аканцлер инапынҵақәа рынагӡара иалагаз Олаф Шольц гәыкала идысныҳәалоит, ақәҿиарақәа изеиҕьасшьоит. Ҳаизыҟазаашьақәа рырҭбаареи Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс арҕәҕәареи амзызла Германтәыла аканцлер Олаф Шольц иҟны аусеицура алагара сахыццакуеит , — илҩит Саломе Зурабишвили.
Иара убас, Саломе Зурабишвили, Twitter аҿы Ангела Меркельгьы лыӡбахәы лҳәеит.
«Ангела Меркель канцлерс даныҟаз, аус лыцура сара сзы ҳаҭыр дуун, усҟан Қырҭтәылеи Германтәылеи реизыҟазаашьақәа ирласны аҿиара иаҿын. Европа арҕәҕәара аус аҿы иналыгӡаз ароль ибзиаҵәҟьаны иаҳгәалашәоит, ҳаҧхьаҟагьы Европа аҳәса-алидерцәа гәызҭаҵагас дырзыҟалоит ҳәа сгәыҕуеит», — илҩит Саломе Зурабишвили.