Саломе Зурабишвили Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр длацәажәеит Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциеи афранцызтә адгылара азҵаареи азы
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Катрин Колона длацәажәеит Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциеи афранцызтә адгылара азҵаареи азы.
Атәыла ахада ишазгәалҭаз ала, Қырҭтәылазы зҵакы дуу аамҭазы апартниор тәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рвизитқәа аҵакы ду рымоуп. Қырҭтәыла ауааҧсыра Европаҟа аинтеграциа иадгылоит, уи аарҧшын хәажәкыра 7-8 рзы имҩаҧгаз амитингқәа рылагьы.
Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр иаҵшьны иазгәалҭеит лара лтәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, евроинтеграциеи ишадгыло.
Аминистр ишылҳәаз ала, ауааҧсыра реиҳара евроинтеграциа ишадгыло анылбо, Қарҭ амҩақәа рҿы Евроеидгыла абираҟқәа анылбо даараӡа лгәы иаахәоит.
«Қырҭтәыла европатәи агәахәтәы лабҿабарас иҟалароуп», — илҳәеит Колона.