Саломе Зурабишвили Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит - Қырҭтәыла шәара шәзы шмыӡыз аашәырԥшыроуп
Қырҭтәыла шәара шәзы шмыӡыз, Европа ахырхарҭала аныҟәара шынанагӡо аашәырԥшыроуп, ари аҵак ҷыда амоуп. Ааԥхьара ҟасҵоит лаҵара анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла зыҩаӡара ҳараку авизитқәа нагӡахарц,- илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа данырԥылоз.
Қырҭтәыла ахада лажәақәа рыла, абри еиԥш аиԥыларақәа лассы-лассы мҩаԥгахароуп, адипломатцәа атәылаҿ иҟоу ахҭысқәа ирызку адыррақәа рылҭарц азы.
Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла адәныҟа политикатә ориентациа ҭакԥхықәрала азныҟәара ахадара ду амоуп, уажәы атәылаз ихадоу аетап ауп.