Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили европати аиндустриатә ҭынхaрa иалоу ЕгрыГес ахыргьагьатә ӡыхкыраҿ дыҟан.
Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, ЕгрыГес Қырҭтәыла аекономиказы аҵак ҷыда амоуп.
“Егрытәи Гес аиндустриатә-туристтә пункт аҳасабла аиҭашьақәыргылара иалагахьеит, сынтәа Гес иаҭаахьеит 20000-ҩык атуристцәа. ЕгрыГес ҳтәыла азы аҵак ҷыда амоуп аӡыхкыра мацара еиԥшакәым, иахьазы ари Аԥсни ҳареи иҳабжьоуп ацхоуп, ари иаҳзеиԥшу аекономикатә усзура заҵәык ауп. ЕгрыГес Қырҭтәыла аекономиказы аҵак ҷыда амоуп, ҳтәыла аенергетика 40% ЕгрыГес ҳанаҭоит, Қырҭтәыла аенергетикатә хьыԥшымра ари Гес иадҳәалоуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.
ЕгрыГес иуникалу ахыргьагьатә ӡыхкыра адунеи ахыргьагьатә ӡыхкырақәа рыбжьара ахәбатәи аҭыԥ ааннакылоит. ЕгрыГес аҿы атуристтә маршрут ҩсааҭк нагӡоит.