Сaломе Зурaбишвили ЕАР aшьaҭaркрa инaркны 75 шықәсa aҵрa инaмaдaны имҩaҧгaз aиҧылaрa лхы aлaрхәны, адунеи алидерцәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит
Сaломе Зурaбишвили ЕАР aшьaҭaркрa инaркны 75 шықәсa aҵрa инaмaдaны имҩaҧгaз aиҧылaрa лхы aлaрхәны, адунеи алидерцәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит

 

Сaломе Зурaбишвили ЕАР aшьaҭaркрa инaркны 75 шықәсa aҵрa инaмaдaны имҩaҧгaз aиҧылaрa лхы aлaрхәны, адунеи алидерцәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит.

Акоронaвирус aмшaлa, aри aуснaгӡaтә aвиртуaлтә формaт aҿы имҩaҧысит.

Авидеоааҧхьараҿы атәыла ахада,  аимакқәа рҭыҧқәҵаразы аҿыц формақәа рыҧшаара ахымҧадареи,  агәабзиарахьчара аҵаки, аклимат ахьчареи, аинклиузивтә аицыҟазаара аҵаки далацәажәеит.

«75 шықәса рышьҭахьгьы, ЕАР аҿаҧхьа аҳасабтәқәа рацәоуп: аглобалтә шәарҭақәа  — атерроризм инаркны аклимат аҽаҧсахра аҟынӡа, уажәазы апандемиагьы ҳзацлеит. Абарҭ аҳасабтәқәа рыӡбаразы иаҳа ҳҽеидаҳкылароуп, ҳаидгылароуп.

Адунеи аҿы аҿыц проблема дуқәеи аглобалтә шәарҭақәеи  анцәырҵуа, ҳара  ҳаҧсҭазаареи, ҳуаажәларреи, анапхгаратә системеи ҽакала  ҳахәаҧшуа ҳалагоит. Ҳҧеиҧш    4 принципк рышьаҭа ала ишьақәгылазар :

Актәи  —  аҭынчра.

Аҩбатәи  — аҿиаралшара  змоу апланета.

Ахҧатәи — аинклиузивтә уаажәларра.

Аҧшьбатәи —  аҿиара бзиа змоу ауаажәларраҿы аҵара бзиа змоу атәылауаа.

Иахьазы,  аинтернет абзоурала, аҵара бзиа аиуреи акультуратә аҿиареи азыҳәан алшара ҿыцқәа иҟоуп.  Аҵара бзиеи адырреи змоу ауааҧсыра роуп ҳаҧхьаҟа адунеи аҿиара еиқәзыршәаша.

Ҳара,  ақырҭуаа,  анычҳара ҳшьа иалоуп. Аинтеллекти аморалтә аидгылареи инрываргыланы, ари аҟазшьагьы ашәышықәса рацәа рыҩнуҵҟа ишьақәгылоз ҳкультуратә ҭынхара иаҵанакәеит.  Ҳаҧхьаҟа абарҭ апринципқәа ҳрықәныҟәароуп.  Абри аҩыза аҧеиҧш ҳаурц азыҳәан, абарҭ апринципқәа пату рықәҵатәуп. Иҭышәынтәалоу аҿиара аганахьала иҟоу ахартиақәеи ахықәкқәеи  ҳрыхәаҧшроуп  аполитикатә гәазыҳәареи аҽазышәара дуи зҭаху аконкреттә хықәкқәа раҳасаб ала.

ЕАР ҳтәылауаа гәызҭаҵагас ирзыҟалеит. Ҳара ҳҧеиҧши абри аиҿкаара аҧеиҧши ҳнапаҿы иҟоуп », — илҳәеит Қырҭтәыла ахада.