Саломе Зурабишвили Дырмит Амилахвари Қырҭтәыла Амилаҭтә фырхаҵа ахьӡ ианалшьеит
Саломе Зурабишвили Дырмит Амилахвари Қырҭтәыла Амилаҭтә фырхаҵа ахьӡ ианалшьеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили афранцыз Атәым легион аполковник-леитенант Дырмит Амилахвари иҧсрашьҭахь Қырҭтәыла Амилаҭтә фырхаҵа ахьӡ ианалшьеит.
Атәыла ахада лпресс-маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Франциа ала Қырҭтәыла адемократиатә республика азхаҵара инаркны 100 шықәса аҵра инамаданы Париж, Аинвалидцәа рхан аҿы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы, Саломе Зурабишвили Дырмит Амилахвари ихылҵ Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә анашьамҭа рылҭеит.
Дырмит Амилахвари иҧсрашьҭахь Қырҭтәыла Амилаҭтә фырхаҵа ахьӡ ианашьоуп жәларбжьаратәи аренаҿы Қырҭтәыла аӡыргареи, Қырҭтәыла азныҟәашьа бзиа ашьақәыргылараҿы иҟаиҵаз алагала дуи, азеиҧш уаатәыҩсаратә принципқәа рызгәыкреи азыҳәан.