Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Бырзентәыла ахада Катерина Сакелларопулу ҭелла длацәажәеит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада лусмҩаҧгарҭа.
Аганқәа рхаҭарнакцәа амцакрақәа рымшала Бырзентәыла иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Қырҭтәыла ахада абырзен жәлар дышрыдгыло иазгәаҭаны, ишылҳәаз ала, Бырзентәыла ирласны абарҭ ауадаҩрақәа ирылҵып ҳәа дгәыҕуеит.
Иара убас, Саломе Зурабишвили Катерина Сакелларопулу ҭабуп ҳәа лалҳәеит Бырзентәыла иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа иуадаҩӡыз аҭагылазаашьаҿы дахьрыцхрааз азыҳәан.
Қырҭтәыла ахада Бырзентәыла ахада Қырҭтәылаҟа ааҧхьара лылҭеит.