Германтәыла иҟоу Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Берлинтәи аҭӡамц ахь днеит.
Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, Берлинтәи аҭӡамц ауаа зегьы рзы – украинаа, ақырҭуаа, молдовааи рзы иҿырԥшыгоуп.
“Берлинтәи аҭӡамц ҳара ҳзы украинаа, ақырҭуаа, молдовааи рзы иҿырԥшыгоуп., ауаҩы ииҭаху аҟаҵара илшоит. Берлинтәи аҭӡамц еилаҳаит, Асоветтә Еидгылагьы еилаҳаит, ауаҩы изыҟамҵо акгьы ыҟам. Иацы Евроеидгылахь азҵаабӷьыц ҳашьҭит, уаҵәы Евроеидгыла ҳалалоит, ари ҳгәыӷырҭа ауп”, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.