Саломе Зурабишвили - Ахартиа знапы аҵазҩыз 4 партиак ироуа абыжьқәа реицҵалыҵ Европаҟа ҳнанагоит, амҩа ҳнарбоит
Сгәырҕьаҵа сыҟоуп, агәыҕра ду сылоуп. Аусқәа бзианы ицоит, зегь маншәалахоит, избанзар, Европаҟа ахынҳәразы иаҭаху агәалаҟазаара, аҳәатәеиқәшәара иҟоуп. Ахадаратә 4 партиак ахартиа иазгәыкуп, Европаҟа ҳзырхынҳәуа аплан иазгәыкуп, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иахьатәи абрифинг аҿы.
Лара лажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу 4 партиак ироуа абыжьқәа реицҵалыҵ Қырҭтәыла Европаҟа инанагаоит.
„Қырҭтәыла амҩа заҵәы Европа шакәу агәра зго ауаа зегьы, дара рхала иаҳа еиҕьаршьо апартиа алырхыр рылшоит. Зыӡбахәы ҳәоу 4 партиак ироуа абыжьқәа реицҵалыҵ Қырҭтәыла Европаҟа инанагаоит. Уи ахартиа иану апунктқәа зегьы шьақәзырҕәҕәо аиҳара ракәхоит. Уи амҩа иаша ҳнарбоит. Насгьы ишәасҳәар сҭахуп ҳпартниорцәа ишҳадгыло. Уи шьақәдырҕәҕәоит аҵыхәтәантәи аамҭазы Бриуссель аҟынтәи, Евроеидгылантә иҳаҳаз аҳәамҭақәа, иара убас, иахьа Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ сиҧылеит. Иаргьы ишьақәирҕәҕәеит дара абарҭ алхрақәа рҿы ақырҭуа жәлар Европаҟа ихынҳәыр шырҭаху ианырбалак, ирласӡаны абри амҩашҟа ҳхынҳәырцаз иаҭаху зегьы ҟарҵоит“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.
Иара убас, атәыла ахада ишылҳәаз ала, уаҵәы имҩаҧысуа амарш лхы алалырхәоит.
„Уаҵәы ауаа рацәа адәахьы ишдәылҵуа здыруеит. Иара убас, ишшәықәмақаруа, ҕәҕәала ишшәықәыҕәҕәо здыруеит. Шәымәшароуп, избанзар, шәара амҩа иаша шәануп, ҳара амҩа иаша ҳануп. Ҳара аҭынчмҩала, алхрақәа рыла ҳхықәкы наҳагӡоит. Убри азыҳәан аиааира ҳгароуп. Убри аҟынтә, уаҵәгьы шәымәшароуп, амҽышазгьы, Қырҭтәыла аҧеиҧш ахьыӡбахо уахь шәыбжьы анагарагьы шәацәымшәароуп. Уаҵәгьы сшәыцзаауеит, уаагьы сшәыцзаауеит“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.