Саломе Зурабишвили – Ахада  Макрон изызҩит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азы сизҧшуп ҳәа
Саломе Зурабишвили – Ахада  Макрон изызҩит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азы сизҧшуп ҳәа

Ахада  Макрон изызҩит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азы, лаҵара  26 рзы сизҧшуп ҳәа, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили агазеҭ  La Tribune аинтервиу аҿы.

Ажурналист длазҵааит европауаа рҟынтә, лымкаала, ахада Макрон иҟынтә шәыззыҧшуи ҳәа. Ари азҵаара аҭак аныҟалҵоз Зурабишвили илҳәеит: «Иаара сазыҧшуп».

«Иаиааит.  Сара атәыла ахадас саналырх инаркны,  2018 шықәса инаркны Еммануель Макрон снеиуеит ҳәа сақәиргәыҕуеит. Иара цәыббразы алхраҧхьатәи акампаниа иалагаанӡа дааироуп. Қырҭтәыла мацара акәӡам аус злоу, Кавказ зегьы урыстәылатәи анырра аҟынтә ахақәиҭтәра ауп ҳазлацәажәо. Урыстәыла аҿагылара аӡәгьы иҭахӡам. Ари азҵаара Европа аҧеиҧш азы аҵакы ду амоуп. Абаар Амшын еиқәа  – аенергетикатәи акоммуникациатәи атранзиттә зона. Сара ахада Макрон изызҩит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азы,   лаҵара 26 рзы сизҧшуп ҳәа», — илҳәеит  Зурабишвили.