Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аусуратә визитла Франциа дыҟоуп.
Атәыла ахада лусмҩаҧгарҭа апресс-маҵзура аинформациа инақәыршәаны, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Саломе Зурабишвили Франциа ала Қырҭтәыла адемократиатә республика азхаҵара инаркны 100 шықәса аҵра инамаданы Франциа имҩаҧысуа ауснагӡатәқәа лхы рылалхәоит.
«Цәыббра 26 рзы, Аинвалидцәа рхан аҿы имҩаҧысуеит авице-полковник Дырмит Амилахвари игәаларшәара иазку ацеремониа. Атәыла ахада асасцәеи, ақырҭуа диаспора ахаҭарнакцәеи, Дырмит Амилахвари ихылҵи рҿаҧхьа дықәгылоит.
Ауснагӡатә аан, Афранцыз Атәым легион 13-тәи абригада амузеии Сен-Сир Арратә академиа амузеии ҳамҭас иарҭоит ақырҭуа скульптор Гурам Николаӡе иҟаиҵаз Дырмит Амилахвари ибиустқәа.
Иара убас, атәыла ахада, Париж иҟоу ақырҭуа диаспора иалкаау ахаҭарнакцәа (аҧсрашьҭахь) анашьамҭақәа раналшьоит, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рхылҵ ирылҭоит.
«Иара убас, аплан ишарбоу ала, Қырҭтәыла ахада, Франциа зхы ақәызҵаз аибашьцәа раҳаҭыр аҟынтә Атриумфтә хырҕьаҕьа аҧхьа наӡаӡатәи амца аркра ацеремониа лхы алалырхәоит», — иануп аофициалтә информациаҿы.