Саломе Зурабишвили - Ауаажәлар рыхшаара рԥеиԥш азы иалырхыз европатәи амҩа аӡәгьы ирҭом
Ауаажәлар рыхшара рԥеиԥши алырхыз европатәи амҩеи аӡәгьы иарҭом, –илҳәеит Қырҭтәылеа ахада Саломе Зурабишвили ахьыԥшымра амш инамаданы Ахьыԥшымра ашҭаҿ имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
“Ақырҭуаа атәылахьчареи ахықәҵареи закәу ирдыруан. Арҭ аҩҭагылазаашьа шеидҳәалоу еилыркаауан. Ақырҭуаа ахаан даҽа тәылак аҵаҟа аҟазаара рзычҳауамызт, даҽа тәылак ампыҵахалара ма аиӷарра хықәкыс ирымамызт. Урыстәылатәи аимпериа ақәыӷәӷәара аҵаҟа, атоталитартә русификациеи “азеиԥ дин змоу аиашьа” ила ҳуахәама автокефалиа аԥыхреи, афрескақәа рԥхасҭатәареи ирыхәамԥшыкәа, абызшәеи, амилаҭи, адини рыхьчара ҳалшеит”, – илҳәеит ахада.
Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар раҳаҭыр аларҟәроуп анапхгара ахатә тәылауаа рыпатуи рыхьӡи ианазхәымцуа.
„Зҵакырадгьыл импыҵахалоу, аурыс ар ахьгылоу атәыла аҭышәантәалара ҷыдара иазныҟәароуп, ари ибзиаӡаны еилаҳкаароуп. Убри азоуп анапхгара ирылшо зегь ҟарҵароуп аескалациеи аилаҩынтреи ҟамлар азы”, – илҳәеит ахада.
Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, адунеи аҿы аибашьра иацәымшәо ажәлар иҟам.
„Аибашьра агәымбылџьбара иаанаго ҳа ҳаиԥш еилызкаауа, издыруа рацәам. Аха ахатә уаажәларраҿ ашәара аларҵәара, ари ала аманипулиациаҟаҵара анапхгараҭаразы иқәҿиароу аформулас изыҟалом. Иахьа “аԥыррақәа рҳамҭа” иаҳзаанаго ақьар аԥхьаӡара ԥхашьароуп. Ҳахьӡ-ҳаԥша ахәс 200 ма 300 миллион амоума?!“ – илҳәеит Қырҭтәылеа ахада Саломе Зурабишвили ахьыԥшымра амш инамаданы Ахьыԥшымра ашҭаҿ имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.