Саломе Зурабишвили - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ишьақәирӷәӷәеит Ҟварели ачара зуоз аҭаацәара шықәҵыз, ари ауаажәларра риааироуп
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ишьақәирӷәӷәеит Ҟварели ачара аура зҭахыз аҭаацәара шықәҵыз, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рхан аҿы имҩаԥгаз абрифинг аан.
Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, ари ауаажәлара риааироуп, Гаврилов иқәҵра еиԥш.
„Аха ари аинцидент заык ауп, апроблема ари ала ибам“, – иазгәалҭеит ахада.
Саломе Зурабишвили анапхгара рахь ааԥхьара ҟалҵеит “ажәлар абас еиԥш рыргәамҵр ҟалом” ҳәа.
„Анапхгара, аиҳабыра аҭакԥхықәра ду рыдуп, раԥхьаӡа иргыланы ари аҳәаа ахьчароуп. Аҳәаа иахысыз иаҳдыруамыз ҳәа анырҳәо, ари измаанозеи? Асанкциа зқәу ахаҿы иԥҳа аҳәаа дахысны ҳтәыла даҭааит, Путин изааигәоу ахаҿқәа ҳтәыла анаҭаауа ижәдыруазар акәын. Иацы Саакашвили дахьааз рыздырӡомызт, иахьа аурысцәа иахьааз. Анапхгара рахь ааԥхьара ҟасҵоит асанкциақәа зқәырҵаз ахаҿқәа рсиа ҳпартниорцәа ирымхны, аҳәаақәа зегь рахь ирышьҭырц,” – илҳәеит Қырҭтәыла ахда.