Саломе Зурабишвили "Атәым нырра аартызаара иазку" азакәан вето ақәылҵеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан вето ақәылҵеит.
“Иахьа “аурыс закәан” вето ақәысҵеит, ари азакәан ҳконституциа, европатәи азакәанԥҵара ирҿагылоит, убри аҟынтә ҳевропатәи амҩа иаԥырхагахоит. Авето аиуристтә ганахьала еиқәшәоуп, апарламент иахьа алаҳгалоит. Ари азакәан иԥсахтәым, уи аԥыхтәуп”, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.