Саломе Зурабишвили „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәан аанкылареи, аҵыхәтәаны аҧыхреи аҳәарала, Аконституциатә аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ алалҵоит
Саломе Зурабишвили „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәан аанкылареи, аҵыхәтәаны аҧыхреи аҳәарала, Аконституциатә аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ алалҵоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Аконституциатә аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ алаҵаны,  „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәан аанкылареи, аҵыхәтәаны, аҧыхреи даҳәоит.

Атәыла ахада лпарламенттә маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Мсхилаӡе  ари аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахада ладминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

„Қырҭтәыла ахада, раҧхьаӡа акәны, Аконституциатә аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ алалҵоит. Ари ашшыҧхьыӡ  „Атәым анырра аартызаара иазку“, аурыс закәан  иазкуп. Зыӡбахәы ҳәоу азакәан Аконституциа  78-тәи ахәҭаҷ иашьашәалам. Иара убас, ашшыҧхьыӡ ала,  атәыла ахада Аконституциала иҳәаақәҵоу ахадаратә зинқәа еилазго анормақәа дырзашшуеит. Зыӡбахәы ҳәоу ашшыҧхьыӡ ала атәыла ахада, абри азакәан аанкылареи, аҵыхәтәаны, аҧыхреи даҳәоит“, – иҳәеит Гьаргь Мсхилаӡе.