Саломе Зурабишвили – Аҿар рахь ааҧхьара ҟасҵоит, апарламент агәашәқәа шәырҟәаҵ, уаҟа уаҳа акымзаракгьы ҟалом 
Саломе Зурабишвили – Аҿар рахь ааҧхьара ҟасҵоит, апарламент агәашәқәа шәырҟәаҵ, уаҟа уаҳа акымзаракгьы ҟалом 

Згәаҳәара дуу аҿар иахьа рцәаныррақәа ҳацеиҩыршоит. Дара рахь ааҧхьара ҟасҵоит – апарламент агәашәқәа шәырҟәаҵ, уаҟа уаҳа акымзаракгьы ҟалом, — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили авидеоааҧхьараҿы.

Лара лажәақәа рыла, ақәҧара нагӡатәуп алхрақәа раан.

«Сара арезиденциа аҟынтәи  ахҭысқәа срыцклаҧшуеит,  изныкымкәа ишысҳәахьаз еиҧш,  сара сшәыдгылоуп. Адунеи зегьы иҳацклаҧшуеит, иахьатәи ахҭысқәагьы ибзианы иаадырҧшит ақырҭуа жәлар хықәкыс ирымоу. Уи акыраамҭалатәи ақәҧараҿ аиааира агаразы амч дуӡӡоуп,  ари ақәҧара хыркәшахоит алхрақәа рыла. Қырҭтәыла ахаангьы Урыстәылас иҟалом.

Иара убас,  згәаҳәара дуу аҿар рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭаахуп  – апарламент агәашәқәа шәырҟәаҵ, шәнаскьаны шәгылаз,  ари азакәан аҩбатәи аҧхьарала рыдыркылахьеит,   уаҟа уаҳа акымзаракгьы ҟалом.  Ҳара ҳақәҧара алхрақәа раан инагӡахоит. Аиҳабыра аҵыхәтәантәи аамҭазы ирыдыркылаз азакәанқәа зегьы раҧыхрала,  избанзар,  арҭ азакәанқәа рымшала Европа ҳацәыхарахоит. Абри ауп хықәкыс иҳамоу.  Агәашәқәа раҧхьа акгьы шәзыӡбом,  уаҟа алаҕырӡ аазго агази амчылареи ауп иҟоу. Апровокациа ҟаҳамҵароуп,  избанзар,  уи   хымҧада,  амчылара ахылҵуеит.

Қьырса игәаҟра амчыбжь ҳҭагылоуп. Амчылара аичырчара ҟалом. Ақаҷаа уезгьы длахҿыхуп. Шәааи,  Русҭавели имҩадуаҿ ҭынч апротест ҟаҳҵап,  уаҟа адунеи зегьы идҳарбоит Қырҭтәыла зеиҧшроу,  Қырҭтәыла иалшо,  Қырҭтәыла аҿар ирылшо», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.