Саломе Зурабишвили ацҳаражәҳәаҩцәа рахь  -  Абжьааҧнытә атәылауаа рзы  ибжьааҧным алхрақәа мҩаҧысуеит жьҭаара 26 рзы, аха, шәара шәзы алхрақәа раамҭа ааит
Саломе Зурабишвили ацҳаражәҳәаҩцәа рахь  -  Абжьааҧнытә атәылауаа рзы  ибжьааҧным алхрақәа мҩаҧысуеит жьҭаара 26 рзы, аха, шәара шәзы алхрақәа раамҭа ааит

Абжьааҧнытә атәылауаа рзы  ибжьааҧным алхрақәа мҩаҧысуеит жьҭаара 26 рзы, аха, шәара шәзы алхрақәа раамҭа ааит, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, лара Қырҭтәыла ацҳаражәәҳаҩцәа рахь ааҧхьара ҟалҵеит.

Саломе Зурабишвили лҳәамҭала, аҳәаанырцә аус зуа ацҳаражәҳәаҩцәа аҭакҧхықәра ду рыдуп, избанзар, дара Қырҭтәыла иахаҭарнакцәоуп.

„Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа, шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит. Иахьа шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵоит, избанзар, уаанӡа, Адипломатиа амш азгьы, Амбасадор аҿгьы, егьырҭ ауснагӡатәқәа раангьы шәара шәахь ааҧхьара ҟасҵаратәы алшара сымамызт.  Еиуеиҧшым атәылақәа рҿы саныҟоу,  уаагьы, мзызқәак рымшала, ҳзеиҧылом. Иахьа шәара шәахь ааҧхьара ҟаҵатәуп ҳәа исыӡбеит, избанзар, Евроеидгыла атәылақәа рҿы иҟоу ҳацҳаражәҳәаҩцәа зегьы  Европа агәҭаны, Германтәыла аҳҭнықалақьаҿ, Берлин шәеизеит. Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ ароль ду назыгӡаз, ахьыҧшымра раҧхьатәи амш инаркны Қырҭтәыла ҕәҕәала иадгыло, ари амҩаҿ еснагь иҳадгылаз атәылаҿ. Ассоциациа иазку аӡбареи, авизалиберализациеи, насгьы, акандидат астатус ҳанашьара иазку аӡбареи аҿы ароль ду назыгӡаз атәылоуп ҳазлацәажәо. Шәара убра, Европа агәҭаны шәыҟоуп, уааҵәҟьа Европа агәҭаны амцҳәара шәазыӡырҩуеит. Ҳпартниорцәа иҟарҵо аҳәамҭақәа иатәамбакәа, Европатәи ҳамҩа инагӡоушәа амц шәарҳәоит,  Қырҭтәыла 2030 шықәса анҵәамҭанӡа Евроеидгыла алалара алшоит ҳәа шәыржьоит.

Сара асабшеи амҽышеи Швеицариа сыҟан, уаҟа европатәи алидерцәа зегьы сырҧылеит,  дара исазҵаауан  „Қырҭтәыла уезгьы Евроеидгыла иалалоит“ ҳәа ирҳәо иаанагои ҳәа, „уезгьы“ иаанагои.  Аурыс закәанқәа рыдыркылозар,  закәанк мацара акәымкәа, абжьагарақәа нарымгӡозар,  ари апроцесс азы иаҭаху  иарбанзаалак реформак нарымгӡозар,  нас изықәгәыҕуеи.  Иахьа Молдова ахада  (сара даараӡа слыҵашьыцуеит) анеҩстәи амчыбжь азы Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ирылаго аделегациа аилазаара иазку адҵа лнапы аҵалҩит. Уажәы ҳаргьы абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьаҿы ҳаҟазар акәын. Убри ала шәара уаанӡа иҟашәҵоз аус  қәҿиарала аҵыхәанӡа инажәгар шәылшон, избанзар, сара  издыруеит шәара шәзанааҭ ибзиаӡаны ишыжәдыруа. Шәара уаанӡагьы европатәи ҳамҩазы аус жәуан,  аиҳабыреи анапхгареи ирыбзоурам абарҭ ақәҿиарақәа рҿы алагала ду ҟашәҵеит. Акандидат астатус аиурагьы ҳдипломатиеи, иара убас, ҳажәлари  ирыбзоуроуп  – ари аус аҿы апрофессионалцәеи ажәлар рҭаххареи иҟазароуп. Иахьа апрофессионализм аҧсахроуп иаабо,  уи раҧхьатәи амш инаркны, ахьыҧшымра аиура инаркны абри европатәи амҩа иазықәҧоз ауаа рыҧсахроуп иаанаго. Убри аҟынтә, иахьа шәара шәцынхәрас сара сгәы сыхьуеит, шәара шәзы сгәы сыхьуеит, избанзар, абри аҩыза аҭагылазаашьа шәҭагылоуп, иҟашәҵаша шәзымдыруа шәаанхеит, ишәҭаху шәзымҳәо.  Ишыҟазаалак, шәара ҧаса зыгәра жәгоз уажәгьы агәра жәгоит ҳәа сгәыҕуеит.  Уи агәра ганы сыҟазар сҭахуп. Аиашаз, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа  дара зыҟаҵара рыдарцало азы аҭакҧхықәра рыдым, аҳәаанырцә аус зуа ацҳаражәәҳаҩцәа, ҷыдала, Евроеидгыла атәылақәа рҿы Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа даҽа ҭагылазаашьак иҭагылоуп, дара баша аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа ракәӡам, иаҳа аҭакҧхықәра рыдуп, избанзар, дара аиҳабырак акәымкәа, атәыла иахаҭарнакцәоуп.   Аиҳабырақәа ицоит, иаауеит. Шәара атәыла шәахаҭарнакцәоуп, атәылеи уи аинтереси, ҳтәыла аҭоурыхи аҧеиҧши шәахаҭарнакцәоуп, абри зегьы аҭакҧхықәра дуӡӡа ацуп. Убри аҟынтә, акгьы шәсырҵом, акгьы шәыбжьазгом, аха, ак шәасҳәар сҭахуп, – абжьааҧнытә атәылауаа рзы  ибжьааҧным алхрақәа мҩаҧысуеит жьҭаара 26 рзы, аха, шәара шәзы алхрақәа раамҭа ааит “, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.