Саломе Зурабишвили – Ашьауҕа ақәхра иазкны исыдыскылаз аӡбара аполициа аҳаҭыр аларҟәра еиҧш иахәаҧшуазар, сара ажәа шәысҭоит атәыла ахада аполициа ишакәым ала дазныҟәоит ҳәа аӡәы иҳәаратәы шыҟасымҵо
Ашьауҕа ақәхра иазкны исыдыскылаз аӡбара аполициа аҳаҭыр аларҟәра еиҧш иахәаҧшуазар, сара ажәа шәысҭоит атәыла ахада аполициа ишакәым ала дазныҟәоит ҳәа аӡәы иҳәаратәы шыҟасымҵо , — иануп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иалалырҵәаз аҳәамҭаҿы.
Лара лажәақәа рыла, гәыкала, аҭакҧхықәра ду лхы иадҵаны илыдылкылаз аӡбара ажәлар иргәамҧхеит.
«Ҳаҧхьаҟа абри аҩыза аҳәатәеиқәымшәара ҟамларцаз, сара апринциптә ҟазшьа змоу аинициативала сықәгылоит, сара сусмҩаҧгарҭаҿы ҳазлагаз апроцесс ирласны ихыркәшатәуп, насгьы, ҳареи азакәанҧҵаратә органи, иашьашәалоу аусбарҭақәеи ашьауҕа ақәхра азин еиҕьаҳтәроуп, уи агәыҳалалратә акт аҳасаб ала иаанхарцаз, ари апроцесс еснагь иацу ашәарҭақәа еиҵаҳтәырц…
Сара изныкымкәа исҳәахьеит аполициа аҳәынҭқарра изықәгылоу ашьаҭақәа иреиуп ҳәа, атәыла аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ҳполициа аусзуҩцәа ирхьыҧшуп ҳәа. Убри аҟынтә , сара исыдыскылаз аӡбара аполициа аҳаҭыр аларҟәра еиҧш иахәаҧшуазар, даҽазнык ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп аполициа ҳаҭыр шақәысҵо, сара ажәа шәысҭоит атәыла ахада аполициа ишакәым ала дазныҟәоит ҳәа аӡәы иҳәаратәы шыҟасымҵо », — иануп Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.
Нанҳәа аныҳәа ду иадҳәаланы, Қырҭтәыла ахада 34ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рықәылхит, урҭ дреиун аполициа аусзуҩ ишьразы иҭакыз ахаҵагьы.