Саломе Зурабишвили – Ашьауҕа ақәхра акт снапы аҵазҩуеит мшаҧы 27 рзы
Аполитикатә партиақәа – анапхгратә партиеи аоппозициеи еиқәшаҳаҭхеит, Европатәи Ахеилак ахадагьы Америка ацҳаражәҳәаҩгьы уи шьақәдырҕәҕәеит, убри аҟынтә, Ашьауҕа ақәхра акт снапы аҵазҩуеит мшаҧы 27 рзы, – иануп Қырҭтәыла ахада иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.
Мшаҧы 19 рзы Қырҭтәыла ахада иҟалҵаз аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп: атәылеи апарламенти анормалтә политикатә ҧсҭазаара иазыхынҳәны атәылаҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбара иалагарц азыҳәан, атәыла ахада лҳасабала, аҳәарақәак иқәыргыланы, ашьауҕа ақәхразы аӡбара сыдылкылеит.
Аполитикатә партиақәа – анапхгратә партиеи аоппозициеи еиқәшаҳаҭхеит, Европатәи Ахеилак ахадагьы Америка ацҳаражәҳәаҩгьы уи шьақәдырҕәҕәеит, убри аҟынтә, актәи аҳәара нагӡоуп.
Егьи аҳәара инақәыршәаны, аполитикатә партиақәа аиқәшаҳаҭра адокумент аргама рнапы аҵарҩит, дара мшаҧы 27 рзы апарламент апленартә аилатәарашҟа инеиуеит.
Убри аҟынтә, атәыла ахада лҳасабала иҟасҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, убри аҽныҵәҟьа ашьауҕа ақәхра акт снапы аҵазҩуеит!»- илҳәеит Саломе Зурабишвили.