Саломе Зурабишвили - Ақырҭуа жәлар рыхьӡала аҳратә ҭаацәареи Иеиду аҳра ауааҧсыреи гәыкала срыдашшылоит
“Ақырҭуа жәлар рыхьӡала аҳратә ҭаацәареи Иеиду аҳра ауааҧсыреи гәыкала срыдашшылоит”, – асоциалтә каҭаҿы илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
Қырттәыла ахада акралҧҳәыс Елизавета аҩбатәи лыҧсра инамаданы иаартыз адашшыларатә шәҟәы аҟны анҵамҭа ҟалҵеит.
“Ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы зыхьӡ нагоу аԥҳәыс алидер аԥсшәа анлаҳҳәо аамҭазы, лхамеигӡара, лпрофессионализм ҳабиԥарақәа рзы иҿырԥшыгахап ҳәа агәра згоит. Ақырҭуа жәлар рыхьӡала аҳратә ҭаацәареи Иеиду аҳра ауааҧсыреи гәыкала срыдашшылоит”, – илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.