Саломе Зурабишвили - Ақырҭуа жәлар рҿагылара иахәамԥшыкәа, Урыстәыла ареисқәа рынагӡара алагеит
Саломе Зурабишвили - Ақырҭуа жәлар рҿагылара иахәамԥшыкәа, Урыстәыла ареисқәа рынагӡара алагеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили авиаеилахәыра “Азимут” инанагӡаз Москва-Қарҭ-Москва ареис анагӡара иадҳәаланы “Твиттер” аҿы аҳәамҭа ҟалҵеит.

„Ақырҭуа жәлар рыҿагылара иахәамԥшыкәа, Урыстәыла ареисқәа рынагӡара алагеит. Урыстәылахь аԥырра ҳаҿагылоит“, –илҩит  Зурабишвили.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза авиаеилахәыра “Азимут” Москва-Қарҭ актәи ишиашоу ареис нанагӡеит.