Саломе Зурабишвили ақырҭуа аруаа рахь - НАТО иалоу ҳпартниорцәа рҟынтә Қырҭтәыла иаиуз ахәшьара ҳаракы, бжеиҳара шәара ишәыбзоуроуп
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили шәҩык ақырҭуа ҭынчрачаҧаҩцәа Афганистанҟа рдәықәҵара ацеремониа лхы алалырхәит.
«Иахь адунеи зегьы аҿы апроблема ду иҟоуп, апандемиа апроблема, абри аҩыза аҭагылазаашьа аҿгьы Қырҭтәыла ахатә ҧхықәрақәа зегьы нанагӡоит, ари афакт аҵакы ду амоуп. НАТО иалоу ҳпартниорцәа рҟынтә Қырҭтәыла иаиуз ахәшьара ҳаракы, бжеиҳарала шәара ишәыбзоуроуп», — илҳәеит Саломе Зурабишвили ақырҭуа аруаа рахь лхы рханы.