Саломе Зурабишвили аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа дырԥылоит
Саломе Зурабишвили аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа дырԥылоит

Қырҭтәыла ахада лхан аҟны ахада Саломе Зурабишвили аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа рҟны аиԥылара мҩаԥылгоит.

Саломе Зурабишвили акоалициа “Иӷәӷәоу Қырҭтәылазы” алидерцәа руаӡәы, Анна Долиӡе дылԥылеит.

Аиԥылара ашьҭахь Долиӡе ажуналистцәа ишралҳәаз ала, ихадоу аҩныҵҟаполитикатә процессқәа иалагоит, урҭ рҽалархәра аҵак ду амоуп.

Анна Долиӡе лышьҭахь, Саломе Зурабишвили апартиа “Гахариа Қырҭтәылазы” ахаҭарнак Наҭиа Мезвришвили дылԥылоит. Иҟоу адыррақәа рыла, ахала “Акзаара – Амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнакцәагьы дырԥылоит.