Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аполициа аусзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдылныҳәалеит.
Атәыла ахада Facebook аҿы ишылҩыз ала, европатәи аҳәынҭқарраҿы, аполициа, адемократиатә институт аҳасабала ароль ду нанагӡоит.
«Иахьа Бриуссельнтә, Евроеидгыла аҟынтәи ақырҭуа полициа рзанааҭтә амш рыдысныҳәалоит. Европатәи аҳәынҭқарраҿы, аполициа, адемократиатә институт аҳасабала, ароль ду нанагӡоит. Атәылаҿ адемократиа аҩаӡара, европатәи апринципқәа рықәныҟәара аҩаӡара аарҧшуп ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи атәылауаа ршәарҭадареи ала. Ҳполициа аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа расҳәоит гәыкала ҳтәыла амаҵ ахьыруа азыҳәан», — илҩит Саломе Зурабишвили.