Саломе Зурабишвили апарламент аҿы ашықәстәи аҳасбырбала жәабран 6 рзы дықәгылоит
Саломе Зурабишвили апарламент аҿы ашықәстәи аҳасбырбала жәабран 6 рзы дықәгылоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламент аҿы ашықәстәи аҳасбырбала жәабран 6 рзы дықәгылоит.

Ари арыцхә арегламентла ишьақәгылоуп. Арегламент иазыԥхьагәаҭаны, ааԥынтәи асессиа актәи апленартә аилатәара аҽны, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иазкы азҵаара хадақәа рыла ахада есышықәсатәи аҳасабырбала дықәгылоит.

Арегламент ала, ахада лықәгылара ашьҭахь афаркциақәа рхантәаҩцәа ажәа рырҭоит. Афракциақәа рхантәаҩцәа рықәгылара жәаминуҭк нагӡоит, рықәгылара ашьҭахь ахада аихшьаалатә ақәгылара лымуоп.

Ахада лаҳасабла ари Саломе Зурабишвили аҵыхәтәантәи ласабырбахоит.