Саломе Зурабишвили ампыҵахалара иазкны – Адиалог иаанагом  ҳара акы азхаҳҵоит ҳәа, аиҿцәажәарақәа иаанагом ҳара ҳхьаҵуеит ҳәа, аха, адипломатиа мап ацәаҳкыр, алшарақәа зегьы ҳцәыӡуеит, аҭагылазаашьа иҵаахоит
Саломе Зурабишвили ампыҵахалара иазкны – Адиалог иаанагом  ҳара акы азхаҳҵоит ҳәа, аиҿцәажәарақәа иаанагом ҳара ҳхьаҵуеит ҳәа, аха, адипломатиа мап ацәаҳкыр, алшарақәа зегьы ҳцәыӡуеит, аҭагылазаашьа иҵаахоит

 

«Импыҵахалоу ҳрегионқәа ирықәынхо аҧсуааи ауаҧсааи рзааигәахаразы ари азҵаара даҽакала ҳазнеироуп, азнеишьа ҿыц ҳҭахуп», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ажәабатәи ааҧхьара апарламент актәи аилатәараҿы данықәгылоз.

«Еснагь ампыҵахалара алацәажәара мацара иазхом, аҧсуааи ауаҧсааи ҳареи ҳабжьара афизикатәи аморалтәи  дистанциа аиҵатәра ҳҽазаҳамкыр, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ақырҭуаа рзинқәа рыхьчара ҳалымшар, ҳхықәкы ҳзынаҳагӡом.  Ҳара ампыҵахалара ҳзақәшаҳаҭхом, ҳҽанраалараны ҳаҟам. Иарбанзаалак алшарак ҳазцәырҵыр, уи ҳхы иаҳархәароуп, аха ҳаангылар ҟалом.  Иҵаау аимакқәа рҭыҧқәҵареи  ампыҵахалара аҧыхреи азыҳәан азнеишьа ҿыц ҳҭахуп. Ҳара адипломатиа мап ацәызкыз атәыла заҵәыс ҳзыҟалом. Зҵаарақәак рҿы аоппозициа  срықәшаҳаҭуп. Урыстәыла мацараҿ адипломатиа амҩаҧгара алҵшәа ахылҵуам. Аха, ҳара иаадыруазароуп адиалог  ак азхаҵара  ишаанамго, аиҿцәажәарақәа ҳара ҳхьаҵуеит ҳәа ишаанамго. Адипломатиа мап ацәаҳкыр, алшарақәа зегьы ҳцәыӡуеит, аҭагылазаашьа иҵаахоит », — илҳәеит Қырҭтәыла ахада.