Саломе Зурабишвили – Амчылара ҟамлароуп, сара аҭыҧ змоу ахҭысқәеи амчылареи сақәыӡбоит
Амчылара ҟамлароуп, сара аҭыҧ змоу ахҭысқәеи, амчылареи, ахатә гәаанагара амшала, ма агендертә дыргала ауаа рышьҭазаареи сақәыӡбоит, — иануп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.
Атәыла ахада лҳәамҭала, ауааҧсыра зегьы ргәаанагара аарҧшра азин рымоуп.
Аха, аамҭакала, Саломе Зурабишвили аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟалҵеит Аконституциа инақәыршәаны рхы мҩаҧыргарц.
«Амчылара ҟамлароуп, сара аҭыҧ змоу ахҭысқәеи, амчылареи, ахатә гәаанагара амшала, ма агендертә дыргала ауаа рышьҭазаареи сақәыӡбоит. Ауааҧсыра зегьы ргәаанагара аарҧшра азин рымоуп!
Сара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит Аконституциа инақәыршәаны рхы мҩаҧыргарц», — иануп аҳәамҭаҿы.