Саломе Зурабишвили – Алхрақәа изымҩаҧымсит, убри аҟынтә, изакәызаалак аиҭакрак зыҟалом, апарламент ҿыци аиҳабыра ҿыци апрезиденттә алхрақәеи зыҟалом
«Алхрақәа изымҩаҧымсит, убри аҟынтә, изакәызаалак аиҭакрак зыҟалом, апарламент ҿыци аиҳабыра ҿыци апрезиденттә алхрақәеи зыҟалом», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иахьатәи абрифинг аҿы.
Зурабишвили лҳәамҭала, лара атәыла аҿыц алхрақәа рҟнынӡа ишнеиша иазку аплан лымоуп.
«Аплан абасоуп ишыҟоу — ҳәарада, аҿыц алхрақәа. Алхрақәа изымҩаҧымсзар, хымҧада, излауа ала ирласны алхрақәа еиҭамҩаҧгатәуп. Актәи апункт — жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа ҳара уезгьы иаадыруа ҳарҳәарц азакәӡам жәларбжьаратәи аусеилыргара зымҩаҧысуа. Уи хымҧада имҩаҧгатәуп асистематә агхақәа раарҧшреи рышьақәырҕәҕәареи азыҳәан. Ламысла, зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа мҩаҧаагар ҳҭахызар, алхратә администрациа ҿыц аиҿкаареи, алхратә закәанеидкыла аҧсахреи алшара ҳамазароуп. Иара убас, аҳәаанырцә алхырҭақәа раартра апроцедурақәа еиҿкаатәуп, насгьы, алхратә аимакқәа реилыргаразы аӡбарҭа ҷыда иаҧҵатәуп. Аҩбатәи апункт – жьҭаара 26-нӡа иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьақәа рынагӡара. Алхрақәа изымҩаҧымсит, убри аҟынтә, изакәызаалак аиҭакрак зыҟалом, апарламент ҿыци аиҳабыра ҿыци апрезиденттә алхрақәеи зыҟалом. Аҿыц алхрақәа рҟнынӡа абри аиасратә аамҭазы аҭышәынтәалара ахьчара амзызла, ҳара уажәтәи апарламенти, уажәтәи аиҳабыреи, уажәтәи ахадеи рыла аусура наҳагӡароуп», — илҳәеит Зурабишвили.
Иара убас, Саломе Зурабишвили ишаалыцҳаз ала, уаҵәы лара, аконституциатә 2 принципк реилагара иадҳәаланы Аконституциатә аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ алалҵоит.