Саломе Зурабишвили алхраҧхьатәи ааҧхьара ҟалҵеит
Саломе Зурабишвили алхраҧхьатәи ааҧхьара ҟалҵеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили асоциалтә аҳаҿы алхраҧхьатәи ааҧхьара ҟалҵеит.

Саломе Зурабишвили ауааҧсыра алхрақәа рахь инеирц дрыҳәан, ишазгәалҭаз ала, ажәлар роуп изыӡбаша уаҵәтәи Қырҭтәыла зеиҧшрахо.

„Стәылауаа, раҧхьа иргыланы, шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Ашәҟәы иахьану арегионашҟа инеирц азыҳәан иахьа џьара агәаран иқәгылоу ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Атранспорти,  амҩа хареи, аамҭа рацәеи  ирыдҳәаланы апроблемақәа шыҟоугьы, уезгьы, шәцаны, уаантәи шәыбжьы Қырҭтәыла иашәҭоит.  Иахьа аемиграциаҿ иҟоу, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.  Даргьы абжьыҭира азин иазықәҧоит, уаҵәы дара рыбжьгьы ҳаҳауеит. Уи аҵакы ду амоуп.

Еснагь зҽеидкыланы иҟоу ҳҿар ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, дара иахьагьы иубарҭоуп, уаҵәгьы алхырҭақәа зегьы рҿы иҟазаауеит. Дара рыҧсҭазаараҿы раҧхьаӡа акәны еиҕьаршьо апартиа рыбжьы арҭоит. Ауаа зегьы, ргәазыҳәареи, рхәыцшьеи, рҭаххареи инақәыршәаны алхра ҟарҵоит, абри ауп ихадоу.  Аӡәгьы акгьы изидаҳцалом, шәара шәыбжьы зышәҭо аӡәгьы ибом. Уаҵәы убри амшала аӡәгьы гәыбҕан шәиҭом. Изакәызаалак реваншк ҟалом. Сара, аганқәа зегьы рхада лаҳасабала, уи азы ажәа шәысҭоит. Шәца алхрақәа рахь, акгьы шәацәымшәан. Абри атәыла аҧеиҧш шәара ишәыӡбароуп. Аҩны аӡәгьы шәнымхан. Шәара шәоуп изыӡбаша уаҵәтәи Қырҭтәыла зеиҧшрахо“, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.