Саломе Зурабишвили - Акзаароуп мчыс иҟоу, апартниорроуп мчыс иҟоу, иаҧсоуу апартниорцәа анумо ауп аҭынчреи ахақәиҭреи аныҟоу
«Агәра ганы сыҟоуп апартниорреи акзаареи амч аҵшәаара аӡәгьы ишилымшо. Ҳаҧхьаҟа Қырҭтәыла, ҳрегиони, Амшын еиқәеи, адунеи аҿы аҭынчра арҕәҕәара аус аҿы апартниорра ҕәҕәа шеиқәнаршәо, избанзар иаҧсоу апартниор данумо ауп аҭынчреи ахақәиҭреи аныҟоу», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа «Иаҧсоу апартниор 2022» ахәара ацеремониаҿы данықәгылоз.
Атәыла ахада ишазгәалҭаз ала, сынтәа Қырҭтәылаҿ ифынтәны арҭ азыҟаҵарақәа мҩаҧган.
«Арҭ азыҟаҵарақәа рылагьы лабҿаба иубарҭоуп арегионалтәи аглобалтәи шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы зыгәра угаша, иаҧсоу апартниор ҳасабала, Қырҭтәыла ҳпартниорцәа рзы иаҳа-иаҳа аҵакы шаиуа», — илҳәеит Зурабишвили.