Саломе Зурабишвили  - Аконсулрақәеи, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Алхратә комиссиа хадеи роуп аҭак зыҧхықәу,  аҳәаанырцә алхырҭақәа убас еиҿыркаароуп алхрақәа рымш азы  ҳдиаспора ахаҭарнакцәа апроблемақәа рмоуратәы, зегьы агәҽанҵара рысҭар сҭахуп аҭакҧхықәра агара шрықәшәо

Аконсулрақәеи, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Алхратә комиссиа хадеи роуп аҭак зыҧхықәу,  аҳәаанырцә алхырҭақәа убас еиҿыркаароуп алхрақәа рымш азы  ҳдиаспора ахаҭарнакцәа апроблемақәа рмоуратәы,  – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

Иахьатәи абрифинг аҿы Зурабишвили ишылҳәаз ала, адиаспора ахаҭарнакцәа, уадаҩрак рымамкәа абжьыҭира рылшароуп.

Иара убас, Саломе Зурабишвили аҿар рахь лхы рханы ишылҳәаз ала, дара роуп абыжьқәа зыхьчаша.

„Ҳтәыла аҿар рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп. Шәара шәоуп ҳтәыла аҧеиҧш знапы иану, шәара шәҧеиҧш иӡбахоит жьҭаара  26 рзы. Шәара, ҳәарада, шәбыжьқәа шәыхьчоит.  Ари азҵаара иадҳәаланы атренингқәа мҩаҧызго аиҿкаара иҟоуп, уи  „Ҳара ҳабжьы“ ауп, абрахь сшәыҧхьар сҭахуп. Ауааҧсыра зегьы анаҧшра захьӡу аҭакҧхықәра шрыду рдыруазароуп. Насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ҳҽеидкыланы хымҧада  алхрақәа рахь ҳнеироуп.  Дара алхрақәа рҧаршеира ргәы иҭоуп, ҳара уи еиҧш алшара раҳамҭароуп. Ҳара алхрақәа рахь анеира иаҳуалуп.  Ахархәарада бжьыкгьы иаанымхароуп. Ари аус ҳнапаҿы иҟоуп. Алхрақәа рымш азы, абра, аханаҿ, акоординациатә платформа еиҿкаахоит, убри аҽны иҟало зегьы абраантәи ҳахылаҧшуеит“, – илҳәеит Зурабишвили.