Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, алхрақәа рылҵшәақәа рзакәандара азхаҵара аҳәарала, Аконституциатә аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ алалҵеит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада ладминистрациа.
Администрациа адыррала, Қырҭтәыла ахада, алхрақәа рымаӡа апринцип аилагара шьаҭас иҟаҵаны, еимактәыс иҟоу анормақәеи урҭ рышьаҭала имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәеи рзакәандара азхаҵара даҳәоит.