Саломе Зурабишвили - Аконституциа иаҿагылоуп ҳәа ирылаҳәатәуп, иқәиҭымтәуп зусзура аконституциа апринциапқәеи, ҳтәылеи ҳуаааԥсыреи иалырхыз амҩа иаҿагылоу аполитикатә партиақәа зегьы
Аконституциа иаҿагылоуп ҳәа ирылаҳәатәуп, иқәиҭымтәуп зусзура аконституциа апринциапқәеи, ҳтәылеи ҳуаааԥсыреи иалырхыз амҩа иаҿагылоу аполитикатә партиақәа зегьы, – иануп Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лҳәамҭа аҿы.
“Апарламент алахәылацәа аконституциа иаҿагыло аӡбарақәа анрыдыркыло ари афакт агәҭынчымра сзаанагоит.
Атәыла иреиҳаӡоу азакәан аконституциатә органқәа ирыднаҵоит Европатәи аидгыла ахь Қырҭтәыла аинтеграциа адгылар.
Евроеидгылеи Аҩадаатлантикатәи аиҿкаараҿ Қырҭтәыла аинтеграциа Қырҭтәыла хықәкыс амоуп.
Аконституциа иаҿагылоуп ҳәа ирылаҳәатәуп, иқәиҭымтәуп зусзура аконституциа апринциапқәеи, ҳтәылеи ҳуаааԥсыреи иалырхыз амҩа иаҿагылоу аполитикатә партиақәа зегьы“, – иазгәаҭоуп Саломе Зурабишвили лҳәамҭа аҿы.