Саломе Зурабишвили - Акандидат статус ахьҳарымҭаз, атәылауаҩ иеиԥш даара сгәы иалсит, аха агха ҟарымҵаӡацт, агәҽанҵара ҳарҭеит
Акандидат статус ҳарымҭар, атәылауаҩ иеиԥш даара сгәы иалсуеит, аха агха ҟарымҵаӡацт, агәҽанҵара ҳарҭеит, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ажурналистцәа данырԥылоз
Ахада лажәақәа рыла, “Урыстәыла Қырҭтәыла аганахьала иҟанаҵаз ашьаҿақәа рыла Евроеидгылаҿ ирбеит Урыстәыла Қырҭтәыла шалахәмаруа”.
„Евроеидгыла иалоу атәылақәеи аструктурақәа рнапхгаҩцәеи ибзиаӡаны еилыркауеит ари азҵаара астратегиатә ҵакы еилыркаауеит. Астатус ахьҳарымҭаз агха ҟарҵеит ҳәа сгәы иаанагом, ари агәҽанҵаран. Акандидат статус ахьҳарымҭаз, атәылауаҩ иеиԥш даара сгәы иалсит, аха агха ҟарымҵаӡацт, агәҽанҵара ҳарҭеит“, – илҳәеит Зурабишвили.