Саломе Зурабишвили – Агәра ганы сыҟоуп Украина уажәтәи апроблемақәеи аибарххареи ишрылҵуа, абри атәыла иалнахыз амҩа аӡәгьы дзаҧырхагахом
Қырҭтыла ахада Саломе Зурабишвили Украина аҳәааҿы аҭагылазаашьа иазкны аҳәамҭа ҟалҵеит.
«Аиҩызарала иаҳзыҟоу атәыла, Евроеидгылаҟны «Ассоциациатә трио» иалахәы Украина аҳәааҿы иҭынчым аҭагылазаашьа сахцәажәар сҭахуп. Сара даҽазнык ишьақәсырҕәҕәоит Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло. Аҭоурыхтә аиҩызара ҕәҕәеи, асоветтә ҭоурых алҵра аҽазышәареи, ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарра ҿыц аргылареи, евроинтеграциа азгәыкреи ала ҳтәыла иадҳәалоу аҳәынҭқарра адгылара ҕәҕәа азаасырҧшыр сҭахуп.
Агәра ганы сыҟоуп Украина уажәтәи апроблемақәеи аибарххареи ишрылҵуа, абри атәыла иалнахыз амҩа аӡәгьы дзаҧырхагахом. Иара убас , агәра ганы сыҟоуп аҭынчратә аиҿцәажәарақәа альтернатива шрымам, аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара аганқәа зегьы ринтесқәа ишрыҵанакәа», — иануп Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.